Ажәабжь ҿыцқәа

7 March 2022 617 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватаман ПМР аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 14 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
2 March 2022 677
2014 шықәсазы Украина аҳәынҭқарратә шьақәгылара еиҭакны амчрахь инеиит мраҭашәаратәи апроект «анти-Россия» арадикалцәа. Дара ридеологиа иаҵанамкит Украина алада-мрагыларахьтәи ахәҭаҿы инхоз аурысқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба  ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала Аԥсны ООН аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиуразы инашьҭымҭа  Ниу-Иорк.
Жәабран 28, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Арлет Маренко реиԥылара.
25 February 2022 530
Ҳара зҿлымҳара ду аҭаны Донецктәи Лугансктәи жәлар рреспубликақәа рыкәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит.
23 February 2022 376 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амилаҭ-хақәиҭратә револиуциа аԥхьагыла Аугусто Сандино Кальдерон игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын. Ацеремониа мҩаԥысуан Аугусто Сандино ихьӡ зху ашҭаҿы, Каракас.
Украина алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирышьклаԥшуеит.
20 February 2022 533 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Арцах Ажәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит аиҭаҿиара Амш инамаданы.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа Афедерациа ахьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭаразы Инал Арӡынба иажәалагала адгылара шарҭо азы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: