Ажәабжь ҿыцқәа

21 March 2025 4 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
Амассатә информациа ахархәагақәа рҿы Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аԥкрақәа ыҟоуп ҳәа аинформациа цәырҵит.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аҟәа ақалақьи рыхьӡала Европа иқәгылалоу ақырҭуа рҿиаратә коллективқәа ирызкны аамҭа-аамҭала аинформациа цәырҵуеит. Ҷыдала араҟа зыӡбахә ҳҳәо "Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә академиатә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль "Aphkhazeti", ахор "Shavnabada", "Сохумтәи адраматә театр" ("Sokhumi Drama Theatre) уҳәа убас егьырҭгьы роуп.
Хәажәкыра 18 азы, ақалақь Бендера Жәлар рдепутатцәа рықалақьтә хеилак ахантәаҩы Иури Кара иҟаиҵаз ааԥхьарала, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман ашколтә дипломатиа Аклубқәа рӡыргара ихы алаирхәит.
Хәажәкыра 14 азы Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Азинмчы ҷыда змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Урыстәылеи Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
15 March 2025 19
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба имшира идырныҳәалеит.
15 March 2025 24 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба иира Амш идиныҳәалеит.
15 March 2025 50
Иахьа Марттәи ажәыларатә операциа мҩаԥысижьҭеи 32 шықәса ҵуеит.
2024 шықәса абҵарамза 15 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ареспубликаҿы иҟалаз аполитикатә кризис инамаданы ртәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аныҟәарақәа рҽырцәыхьчаразыиҟарҵаз рабжьгара аԥыхра инамаданы, Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра абри аҩыза аҳәамҭа ҟанаҵоит.
Потсдам ақалақь аҿы, акультура-усутә еимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит. Германиатәи аиҿкаара "Old Tablers", иара убасгьы уи анапхгара алахәыла Иорг Баут иҟарҵаз ааԥхьарала еиҿкааз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Германиа иҟоу абизнеси акультуреи рхаҭарнакцәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: