Ажәабжь ҿыцқәа

Цәыббра 2 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Ареспублика Виетнам ацҳаражәҳәаҩ Ле Вьет Дуена инаԥхьарала ихы алаирхәит Виетнам ахьыԥшымра 77-шықәса ахыҵраз еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа арратә мчрақәа шьаҭаркуижьҭеи 43-шықәса аҵразы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Арцах Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амш рыдныҳәало.
02.09.2022 243 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амш рыдныҳәало.
01.09.2022 527
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аидгыла ҳәынҭқарра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда Виктор Сорокин.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ашьаҭаркҩы Инал Арӡынба диԥылеит  УА ахада иҿы еиҿкаау Иреиҳаӡоу ашкол РАНХиГС Аҳәынҭқарратә напхгараҭара адиректор, АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Алексеи Комиссаров.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын адокументалтә фильм " Боливиа аҳәынҭарратә мчра аиҭакра" ахәаԥшра. Афильм режиссиорс дамоуп Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу Ареспублика Аргентина ацҳаражәҳәаҩ Оскар Лаборде.
26.08.2022 252 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азхаҵара Амш азы.
25.08.2022 509
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад зхадараҿы дыҟоу шьамтәылатәи аделегациа.
Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдади Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынбеи реицҳәамҭа
Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад официалла Аԥсны даҭааит. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы асасцәа дырԥылеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынба.
Нанҳәа 15, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела, аштат Лара имҩаԥысуа Арратә хәмаррақәа -2022 "Аснаипертә рубеж" аартра далахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнаԥхьарала.
17.08.2022 267 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба имшира идиныҳәалеит.
15.08.2022 232 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ахсар Џьиоев дидныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара инадҳәаланы.
08.08.2022 285 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика иаҿагыланы Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 14 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа нанҳәа 5 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 197 шықәса ахыҵра аныҳәа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аибарххара аҭыԥ ахьамоу ашьха-ҟарабахтә еимакы азонаҿы аҭагылазааша шыҿио гәцаракны ҳашьклаԥшуеит.
Нанҳәа 2 азы Ареспублика Никарагуа арра-ҳаиртә мчрақәа рнапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа арра-ҳаиртә мчрақәа шьаҭаркуижьҭеи 43-шықәса аҵразы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.
01.08.2022 252 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ахьчараҿ иҭахаз ргәалашәара Амш иазкны.
Ԥхынгәы 27 азы Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы Густаво Поррас Кортес инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ауснагӡатә далахәын. Ауснагӡатә Акоманданте Уго Чавес диижьҭеи 68-шықәса аҵреи Акоманданте Фидель Кастро дзаԥхьагылаз Монкада аказармақәа ржәылара 69-шықәса ахыҵреи ирызкын.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: