Ажәабжь ҿыцқәа

Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа аконсультациақәа рплан рнапы еицаҵарыҩуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
29 May 2023 104
2023 шықәса лаҵара 29 азы Аԥсны Мрагылара Ааигәа аимадарақәа рырҭбаареи арегион аҿы жәларбжьаратәи азхаҵаразы аусура арцыхцыхреи рызҵаарақәа ҭелла ирылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Аль Микдади.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али лаҵарамза 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Алада Африкатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Барри Филлип Гилдер диԥылеит. Аиԥылара аҿы аганқәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русеицура алшарақәа, иара убас аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аҳәынҭқарразы аполитикатә ҭышәынтәалара аҵак ду амоуп, аԥсуа жәлар ирыхҭыргахьоу аҳаҭыр абаразы мацаразгьы, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
25 May 2023 124
Санкт-Петербург Аԥсны Ахаҭарнакра аартхоит ҳәа иҳәеит Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба.
25 May 2023 250
Лаҵарамза 25 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Африка Амш.
22 May 2023 183
2023 шықәса лаҵара 19 азы Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани италиатәи ателехәаԥшра Canale Italia апрограмма Notizie Oggi рҽаладырхәит.
20 May 2023 245 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
19 May 2023 151 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ, иахьазы Таџьикистан Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Семион Григориев Инал Арӡынба идиныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра аныҳәамш.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: