Ажәабжь ҿыцқәа

Рашәара 4, 2024 шықәсазы имҩаԥысит иҿыцу, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа руниверситетқәа Рассоциациақәа ронлаин конференциа. Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Александр Ватаман аконференциа аартра далахәын.
2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит.
2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа.
Жәабран 14 рзы, усутә ныҟәарыла Москваҟа амҩа дықәлеит Инал Арӡынба.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны аусура иалагараны иҟоу жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц актәи аҭыжьымҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 13 рзы Шьамтәыла ахада Башар Асад Дамаск иҟоу ахан "Аль-Мухаджирин" аҟны дидикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Дамаск еиԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови еиԥылеит.
2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: