Ажәабжь ҿыцқәа

24.07.2022 830 Анотақәа
Ԥхынгәы 24, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи ақалақь аль-Скальбиа аҟны ауахәама Аиа-Софиа аартра ацеремониа амҩаԥгараан атеррористцәа ахыбра аракетақәа агәыдырҵеит.
23.07.2022 661 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос адныҳәаларатә нота изынаишьҭит ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Ареспублика Никарагуа анапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
22.07.2022 545
Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Карлос Рафаель Фариа Тортос диԥылеит.
2022 шықәса ԥхынгәы 20 рзы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Ареспублика Венесуела ахада Николос Мадуро зхадараҿы дыҟаз аилатәара "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы Азакәан амчра аиура" далахәын.
20.07.2022 712
Ареспублика Никарагуа анапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Асандинисттә револиуциа 43-шықәса ахыҵраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
2022 шықәса ԥхынгәы 13 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
08.07.2022 574
Ԥхынгәы 8 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡыинбеи Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотовы реиԥылара.
01.07.2022 724
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит ПМР ААР ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра.
30.06.2022 579
Рашәарамза 30 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Антигуеи Барбудеи Адәныҟатәи аусқәеи, жәларбжьаратәи ахәаахәҭреи, аиммиграциеи рминистр Пол Чет Грини ҭелла еицәажәеит.
22.06.2022 697
Раҳәарамза 21 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа рнырреи рзы аминистр Феисал Микдади ҭелла еицәажәеит.
21.06.2022 682
Рашәара 20 азы Каракас, Ареспублика Гаити Ацҳаражәҳәарҭаҿ имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заура Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Гаити ацҳаражәҳәаҩ Давид Леслии реиԥылара.
20.06.2022 874
Рашәара 20, 2022 шықәсазы Аԥсны ААР Амедиацентр авидеоконференциа аформат ала имҩаԥнагеит Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара.
19.06.2022 910
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 30 шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
Рашәара 12 рзы Дамаск имҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Баграт Хәытабеи Самир Аль-Рифаи реиԥылара.
12.06.2022 800 Анотақәа
Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит.
Рашәара 9 азы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа акреативтә економиказ Акомиссиа акоординатор хада Камила Ортега Мурильои реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак Виорел Мошану дырԥылеит.
31.05.2022 798
Владимир Путин Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ даиҭеит.
31.05.2022 433
Лаҵара 31 азы Аԥсны ААР аԥшьгамҭала Москва, "Россия сегодня" жәларбжьаратәи амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит Аԥснытәи афорум.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: