Ажәабжь ҿыцқәа
Жьҭаара 11 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит аштат Арагуа аҭыԥ змаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аԥсыҭбарақәа рыҟалара инадҳәаланы.
06.10.2022 385
Аԥсны ААР аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара.
Жьҭаара 5, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
Цәыббра 27 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш инадҳәаланы.
15.09.2022 964
Цәыббрамза 15 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит.
14.09.2022 864
Цәыббра 14, 2022 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа–ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак Виорел Мошану, ЕЕ ахаҭарнак Биорн Киун рԥылара.
Цәыббра 10, Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи аназханаҵаз амш азы Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа дидикылеит Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Франсиско Арруе Де Пабло.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.
05.09.2022 901
Цәыббра 5 - 16 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҟазара иацырҵарц акурсқәа ирхысуеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиаҿ.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит ҳреспублика азхарҵеижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы.
Цәыббра 2 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Ареспублика Виетнам ацҳаражәҳәаҩ Ле Вьет Дуена инаԥхьарала ихы алаирхәит Виетнам ахьыԥшымра 77-шықәса ахыҵраз еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа арратә мчрақәа шьаҭаркуижьҭеи 43-шықәса аҵразы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Арцах Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амш рыдныҳәало.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амш рыдныҳәало.
01.09.2022 786
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аидгыла ҳәынҭқарра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда Виктор Сорокин.