Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммед Алии Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иреиҳау аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр, адоктор Маруан Аль-Ҳалабии аҩ-тәылак рыбжьара аҵаратәи аҭҵаарадырратәи усеицураҿ аизыҟазаашьақәеи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Дамасктәи ауниверситети рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи аҵак ду шрымоу ирылацәажәеит.
Лаҵара 8 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатә Гәрага Едуард Соколов инаԥхьарала Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазкны Венесуела имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Каракас ақалақь аҿы асовет еибашьцәа Реихстаг ахаҿы Аиааира Абираҟ шышьҭырхуаз аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Асовет жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иргаз аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы ихы рылаирхәит.
09.05.2025 36 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
09.05.2025 30 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
09.05.2025 43 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
09.05.2025 27
Иахьа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵуеит.
09.05.2025 27
Иахьа иазгәаҳҭоит 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра! Лаҵара 9 ҳара зегьы ҳзы иҷыдоу ныҳәоуп. Уи анацизм зыԥсадгьыл ацәызыхьчарц игылаз ажәлар рдоуҳатә мчреи ргәымшәареи ирҿырԥшыгоуп.
08.05.2025 23
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра аламҭалазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран ҳәа иԥхьаӡоу Нодари Владимир-иԥа Возба иааиуа аныҳәа идиныҳәалеит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хавиер Арруеи аилахәыра анџьныр, ​​ Никарагуатәи аенергетикатә еилахәыра (ENEL) адиректор Ернесто Мартинес Тиффери ицны Уго Чавес Фриас ихьӡ зху асофтбол азы ачемпионат «Ажәларқәа реиҩызара» ахыркәшаратә церемониа ихы алаирхәит.
2025 шықәса лаҵара 5 азы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес лнаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа амилаҭтә ҳаҭыр Амш азгәаҭара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит.
29.04.2025 116
Москватәи аԥсуа диаспора Ахеилак ахантәаҩы Беслан Агрба Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аанкылара идиныҳәалеит.
Ҳазҭоу ашықәс, мшаԥымза 25 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак Амиссиа ахада Чынгьыз Раимбекови реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа адырра рнаҭоит, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз, ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рыӡбаразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра иахьа инаркны амчра шаиуа.
25.04.2025 87
2025 шықәса мшаԥы 25 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Москва, 2022 шықәса цәыббра 27 азы анапы зҵаҩыз, 2022 шықәса ԥхынҷкәын 30 азы Аԥсны Жәлар-Рпарламент аҿы ишьақәдырӷәӷәаз, 2023 шықәса ԥхынгәы 10 азы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә еизара ишьақәнарӷәӷәаз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак амазаара азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы ашәҟәқәа реимдареи аратификациатә шәҟәқәа реимдареи рзы Аԥкаанҵа анапаҵаҩреи.
25.04.2025 64 Анотақәа
Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит.
Ҳазҭоу ашықәс мшаԥы 23 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалбеи реиԥылара мҩаԥысит.
Ҳазҭоу ашықәс мшаԥы 23 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви реиԥылара мҩаԥысит.
23.04.2025 54 Анотақәа
Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ ахь инеиразы, Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев изааишьҭыз адныҳәалара ҭабуп ҳәа ахҳәаауа ашәҟәы изишьҭит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: