Ажәабжь ҿыцқәа

Аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд актәи амш аатит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аԥышәа иазку аинформациатә сессиа ала.
01.07.2026 242
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура иацнаҵоит
01.07.2026 301
Ԥхынгәы 1 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо, аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.
01.07.2026 157 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иира амш идиныҳәалеит.
01.07.2026 151 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев адныҳәаларатә нота изишьҭит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара Амш инамаданы.
Рашәарамза 30, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женева имҩаԥысуа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аконсультациақәа ирылагеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд (МӠ) алахәхаразы.
Рашәарамза 30-ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд (МД3) иалахәхоит.
Рашәара 25 рзы Берлин имҩаԥысит еицырдыруа аполитолог, аҭоурыхҭҵааҩ Александр Рар инапхгарала Евразиатәи ауаажәларра аԥхынтәи руснагӡатә, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирызку аимак-аиҿак.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто дидышшылеит Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟалаз адгьылҵысра инамаданы адырра ҟаҳҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыбжьара ааха зауз ҳәа аӡәгьы дшыҟам.
23.06.2026 232 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иира амш идиныҳәалеит.
Рашәара 22 рзы Берлин имҩаԥысит анацисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
Қырҭтәыла имҩаԥган ашколхәыҷқәа рзы изаамҭанытәиу арҵаратә проект — аицлабра «Аԥсныҟа саныхынҳәуа» захьӡу.
Рашәара 17 рзы Афедеративтә Республика Германиа, Потсдам ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкыз аусмҩаԥгатә. Аусмҩаԥгатә еиҿикааит Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке.
19.06.2026 217 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара азынанашьҭит Бендера ақалақь аҿы иҟаз атрагедиатә хҭысқәа 34 шықәса рхыҵра инамаданы.
17.06.2026 130
Рашәарамза 17 рзы авидеоконференцеимадара аформат ала Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилаки Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилаки рыбжьара аусеицуразы Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит.
Рашәарамза 16 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә консул Адик Аршба диԥылеит.
14.06.2026 162 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин иира амш идиныҳәалеит.
Рашәарамза 11, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Урыстәыла Амш инамаданы аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: