Ажәабжь ҿыцқәа
03.08.2018 927
2018 шықәса нанҳәа 2 рзы Боливариантәи ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿ имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҳамҭа «FELICORPSDIPLOMATIC» (ФЕЛИКОРПС ДИПЛОМАТИК) Боливариантәи ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ианашьара ацеремониа.
21.07.2018 791
Ҧхынгәымза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови реиҿцәажәара мҩаҧысит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа злахәыз аиҧылараҟны.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
13.07.2018 1001
Ԥхынгәы 11 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит ООН аҿиараз Апрограмма еснагьтәи акоординатор Нильс Скотт.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
03.07.2018 1005
Б. Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә институт аҧсуа студиа астудентцәа рҵара хдыркәшеит. Акурсқәа хҧа роушьҭымҭацәа адипломқәа ранеишьеит аҵараиурҭа аректор, Урыстәыла Жәлар рартист Евгени Книазев. Убри аан, аректор актиор изанааҭ ахь ҿыц зшьаҿа еихызго атеатралтә студиа аушьҭымҭацәа “излыиааз аблахкыгоу атәыла иашьашәало, уи атәылауаҩра иаҧсаны аҟазаара” рзеиҕьаишьеит.
29.06.2018 454
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан «Аминистрцәа реилазааразы (Аиҳабыразы)» ахәҭаҷ 12 инақәыршәаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаас ишьақәырӷәӷәоуп: Ҭыжәба Иракли Вахтанг-иԥеи Бигәаа Одиссеи Михаил-иԥеи.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 2 6шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
15.06.2018 741
Лаҵарамза 13 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҵакыраҟны FIFA Ашьампылампыл асразы адунеи ачемпионат амҩаҧгара инамаданы хықәкы ала иаауа атәым тәылауаа атуристтә Аҧсны Аҳәынҭқарра аамҭала визада ралалара ашьақәыргыларазы Аусҧҟа.
Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
01.06.2018 906
Мрагыларатәи атәылақәак Шьамтәылатәи Арабтә республика иақәыӡбеит иара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз.
Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.
21.05.2018 1032
Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев далахәын Владикавказ, лаҵара 21 рзы имҩаԥысыз Олег Мамиев аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.
17.05.2018 575
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәса ахыҵра иазкны Аминистрцәа Реилазаара азал ду аҟны лаҵара 17 рзы имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара.
15.05.2018 727
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин. Лаҵара 14 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин дидикылеит агәраргагатә шәҟәыбӷьыцқәа реимдаразы.
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аиааира амшныҳәа 73-шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Москва, Кремльтәи Ахан аҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ҿыц Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара ацеремониа.