Ажәабжь ҿыцқәа

Абҵара 21 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа асахьаҭыхыҩ Геннади Добров Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аӡбахә зҳәо играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит абҵарамза 22 рзы.
Абҵара 22 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба идикылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа.
Онлаин-конференциа иалахәын: Аахыҵ Кавказ адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман, «Alpha News» Ермантәыла ахьӡала москватәи аредакциа аредактор Аик Халатиан.
Абҵара 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Палестина ацҳаражәҳәаҩ Фади Альзабен инаԥхьарала Палестина ахьыԥшымра рылаҳәара 35 шықәса ахыҵра аныҳәаәт церемониа амҩаԥгара далахәын.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩ ҿыц Левент Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмч змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи онлаин реицәажәара.
13.11.2023 330 Анотақәа
Абҵара 13 азы Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркразы Аусԥҟа анапаҵаҩра 15 шықәса ахыҵит.
13.11.2023 287
Ареспублика Никарагуа иҟоу азинмчнагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа 6-тәи аекспо-иармарка «Никарагуа анаплакыҩцәа» далахәуп.
09.11.2023 297
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә усзуҩы Леила Ҭаниа лымш иира лыдиныҳәалеит
09.11.2023 271 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
06.11.2023 292
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 азы. Аилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
06.11.2023 146
Аԥсуа телерадиоеилахәыра – 45 шықәса раԥхьа, абҵарамза 6, 1978 шықәсазы, ателербагаҟынтә аԥсышәала ҳбызшәа ахьықәнаҩыз, иахьагьы қәҿиаралаҵәҟьа ҳбызшәа ҳауаажәлар иднарҳауеит.
04.11.2023 152 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу азинмчнагӡа змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин идиныҳәалеит Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш аныҳәа.
04.11.2023 269 Анотақәа
Урыстәыла Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.
03.11.2023 277
Инал Арӡынбеи «Аекономикатә ҿиара Жәларбжьаратәи Ассоциациа» ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Олег Фирери онлаин-еиҿцәажәара мҩаԥыргеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынби азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи алацәажәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра азҵаара.  
Жьҭаара 31 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит авиеилахәыра Боливиатәи авиациа ареис ҿыц аартра ацеремониа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Мишель инаԥхьарала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа ала Али Муҳаммад Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.
Ареспублика Никарагуа аҿы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа карибтәи арегион акультуреи аҟазареи рфестиваль даҭааит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: