Ажәабжь ҿыцқәа

Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуан адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа 130-ҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак анаԥхьарала Аԥснытәи аделегациагьы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа рԥылараан далацәажәеит ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу актуалтә политикатә ҭагылазаашьа, Аахыҵ Кавказ арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашаьқәа, ҳпартниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаашьаҿы аԥыжәара змоу азҵаарақәа ртәы.
Аԥсны АдәАР ахада иааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит  нанҳәа 26 азы  ишыҵуа 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азханаҵеижьҭеи.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба имшира идиныҳәалеит.
2023 шықәса нанҳәа 14 рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Арра-мшынтә мчқәа рышьаҭаркра 43 шықәса ахыҵра аныҳәа далахәын.
14.08.2023 469
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа. ымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа.
08.08.2023 476 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит ареспублика аганахь ала Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 15 шықәса ахыҵра амш аҽны.
07.08.2023 626 Анотақәа
2023 шықәса нанҳәа 5-6 рзы Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа аҟны имҩаԥысуз аҟазареи, акультуреи, афатәаалыҵқәеи рфестиваль иалахәын 40 ҳәынҭқарра инареиҳаны.
26.07.2023 431 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
26.07.2023 286 Анотақәа
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
26.07.2023 306 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублики Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит. 
26.07.2023 296 Анотақәа
Аидгылатә ҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Дмитри Мезенцев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
26.07.2023 280 Анотақәа
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
Ԥхынгәы 20 азы Аԥсни Никарагуеи реиҳабырақәа рыбжьара 2023 шықәсазтәи ауснагӡатәқәа Рырограмма рнапы аҵарҩит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Сандинисттәи ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит.
19.07.2023 417 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Дениса Монкада Роналдо Колиндреса Сандинисттәи ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра идиныҳәалеит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа изеиҭеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи злахәу аделегациа Никарагуа иаҭааит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭара алахәхаразы.
Ԥхынгәы 11-12, 2023 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: