Ажәабжь ҿыцқәа

Иахьа, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аконституциатә ӡбарҭаҿы, ПМР Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Олег Кабалоеви Приднестровие иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
22.05.2025 30
Ҳазҭоу ашықәс лаҵара 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц А.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ даҭааит, аушьҭымҭацәа ашкол аҿы рҵара ахыркәшара рыдиныҳәалеит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Афронт Полисарио аԥҵара 52 шықәса ахыҵреи Мраҭашәаратәи Сахара ажәлар испаниатәи аколониализм иаҿагыланы бџьаршьҭыхла ақәԥара ралагареи ирызку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
21.05.2025 41
Лаҵара 20 азы, Москва усуратә ҟазшьала иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо О.М. Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ А.П. Стациукдиԥылеит.
21.05.2025 35
2025 шықәса лаҵара 21 азы XIX ашәышықәсазы имҩаԥысуаз урыстәыла-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 161 шықәса ҵуеит. Аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рҟны ахыҵакырҭа рыԥшаар акәхеит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит ПМР адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Александр Ватамани реиԥылара.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи рхы аладырхәит Ареспублика Куба амилаҭтә фырхаҵа, ашәҟәыҩҩы, атәыла ахьыԥшымра азықәԥаҩ Хосе Марти аибашьраҿы фырхаҵарыла дҭахеижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ду.
20.05.2025 26 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа шизаиц изаауеит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистрра ахылаԥшрала, Шьамтәыла аспорти аҿар русқәеи рминистрра ацхыраарала, насгьы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы аккредитациа змоу Ацҳаражәҳәарҭақәеи адипломатиатә миссиақәеи (Аԥсны, Баҳреин, Урыстәыла, Саудтәи Аравиа, Азербаиџьан, Тунис, Еиду Арабтә Емиратқәа, Катар, Пакистан, Филиппины, Мысра, Индонезиа, Судан, Парагваи рылахәхарала, ООН-и Шьамтәылеи рхаҭарнакцәа рыҟазаарала), астолтә мқьаҭымпыл азы адипломаттә турнир лаҵара 16-17 рзы Дамаск ақалақь аҿы имҩаԥысит.
17.05.2025 41
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа изаауеит.
17.05.2025 36
2025 шықәса лаҵара 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ирмарианы риуразы» ҳәа хьӡыс измоу Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
17.05.2025 30 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә усзуҩ Имши идиныҳәалеит.
17.05.2025 37 Анотақәа
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә усзуҩ Имши идиныҳәалеит.
17.05.2025 35
Иахьа, ҳара, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Аминистрра аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Владислав Григори-иԥа Арӡынба, 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩык иҳасаб ала.
16.05.2025 124 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара ахьидиныҳәалаз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
16.05.2025 48 Анотақәа
Шьамтәылатәи Арабтәи Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.
2025 шықәса лаҵара 9 азы Берлин ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
14.05.2025 64
Лаҵара 14 рзы  Аԥсны раԥхьатәи Ахада, ҳаамҭазтәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба  диижьҭеи 80 шықәса ҵит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммед Алии Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иреиҳау аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр, адоктор Маруан Аль-Ҳалабии аҩ-тәылак рыбжьара аҵаратәи аҭҵаарадырратәи усеицураҿ аизыҟазаашьақәеи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Дамасктәи ауниверситети рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи аҵак ду шрымоу ирылацәажәеит.
Лаҵара 8 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатә Гәрага Едуард Соколов инаԥхьарала Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазкны Венесуела имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: