Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Заратәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара Амш инамаданы адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.
Лаҵарамза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Гаити Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Гаити аҳәынҭқарратә бираҟ Амш 223-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Лаҵара 19 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Асоциалтә Программақәа Рыдгыларазы Амилаҭтә Фонд Анапхгара ахантәаҩы Андреи Сергееви Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Таимураз Тадтаеви реиԥылара. Аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи.
Лаҵара 19 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Лаҵарамза 18 рзы Москва ақалақь ахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак рхантәаҩы Григори Карасини иареи реиԥылара.
20.05.2026 71
Лаҵарамза 18 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа лнаԥхьарала, Аугусто Сесар Сандино диижьҭеи 131 шықәса аҵра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз адипломатиатә дкылара ихы алаирхәит.
Лаҵара 18 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва ақалақь ахь иусуратә ныҟәараан Урыстәыла АдәАр иатәу МГИМО даҭааит. Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит адәныҟатәи аусқәа рминистри МГИМО аректор, академик Анатоли Торкунови реиԥылара.
17.05.2026 106
Лаҵарамза 17, 1993 шықәса рзы «Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы» Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара рыдыркылеит, уи инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
15.05.2026 86
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идиныҳәалеит адипломатиатә усзуҩ Имш.
15.05.2026 74
Лаҵара 15 рзы имҩаԥысит лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазку аныҳәатә еилатәара.
15.05.2026 83
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны «Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵара мҩаԥысит.
15.05.2026 57
Лаҵара 15 рзы имҩаԥысит лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.
15.05.2026 66
Лаҵара 15 рзы имҩаԥысит лаҵара 17 рзы иазгәарҭо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара.
15.05.2026 62
Лаҵарамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура Амш аламҭалазы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аминистрра аколлектив Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз анышә иахьамадоу Ахьӡ-аԥша Апарк аҿтәи амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
14.05.2026 65
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны ихыркәшахеит Урыстәыла АдәАР иатәу МГИМО Адипломатиатә академиа амагистертә программақәа рҭаларазы акандидатцәа ралԥшаара.
14.05.2026 74
Лаҵарамза 14, 2026 шықәса рзы Сҭампыл МККК абжьаҟазарала 1992-1993 шш. рзы Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшааразы Акоординациатә механизм аилатәара мҩаԥысит.
Лаҵара 13 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы усутә визитла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи аделегациа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу Ахаҭарнакра иаҭааит, Ахаҭарнакра аусура шцо еилыркааит.
14.05.2026 97
Лаҵарамза 13, 2026 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иҟоу адипломат ҿарацәа рхеилак ААУ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи» акафедра астудентцәа рзы алектори еиҿнакааит.