Ажәабжь ҿыцқәа

2021 шықәса рашәара 14 азы Бриуссель имҩаԥысыз НАТО асаммит аҟны икьыԥхьын Аҩадатлантикатә алианс азы иактуалу ашәарҭарақәа зныԥшуа аҳәамҭа.
Германиа аканцлер Ангела Меркель аҩаша, ПАСЕ асессиа алахәылацәа рахь лвидеоҳәамҭаҿ агәҭынчымра аалырԥшит Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым уҳәа Аԥсны назлоу егьырҭ адунеи арегионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.
2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы иҳәеит арратә усбарҭа ахада Гарибашвили. Иара убасгьы иҳәеит Қырҭтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система арҿыцразы Израили дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩу.
Аинышәареи аграждантә еиҟарареи рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аминистр Теиа Ахвледиани ажәадгала ҟалҵеит «азеиԥш интересқәа азхьаԥшра рыҭаны аусеицуреи иформалым адиалоги рыплатформа ырҭбаазарц аԥсуеи, ауаԥси, ақырҭуеит уаԥшьқәа рыбжьара». Лара лажәақәа рыла Қырҭтәыла адиалог иацәхьамҵыц иуадаҩу коронавирустә пандемиа аамҭазы. Лара лгәаанагарала ари апроцесс иацҵахоит, еиҳагьы аҽарҭбаауеит.
Вена имҩаԥысыз ОБСЕ Иааиԥмырҟьаӡакәатәи ахеилак аилатәара ҟалеит ари авторитартә жәларбжьаратә еиҿкаара аҭоурых зегьы аҿы еиҳа аполитикатәра злаз акәны. ОБСЕ ахаҭарнакцәақәак «Қырҭтәыла аҭагылазаашьеи» «аоккупациа зызуу арегионқәеи» ирылацәажәо ишыҟарҵалац аиԥш Аԥсны аҳәынҵәа агәыдҵо Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәагьы акы иаԥсам ҳәа ахырҳәааит. Аилатәараҿы «иҽаликааит» Британиа Ду ахаҭарнак. Иара еснагь еиԥш Аԥсны ахара адҵо Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы рҭагылазаашьа акыр иреицакны иааирԥшит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьаз адунеитә уаажәларрарахь ааԥхьара ҟанаҵеит
Азхьаԥшра аҭоуп Белоруссиатәи ахҭысқәа рконтекст ала еицырдыруа Урыстәыла аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәақәак иҟарҵо ааԥхьарақәа Урыстәылатәи Афедерациеи, Белоруссиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи, ДЖәР-и ЛЖәР-и реидыларазы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО атәылақәа милаҭрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа рцикл "Достойный партнер 2020" (Noble Partner 2020) аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла адгьылҵакыраҿы имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рганахь ала. Қырҭтәыла имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит акырнызқь аруаа, арратә техника хьанҭа, авиациа, ЕАА арра-мшынтә флот аӷбақәа.
Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь Аԥсни Қырҭтәылеи ԥхьаҟатәи реизыҟазаашьақәа дышрыхәаԥшуа атәы далацәажәарц.
Апарламент аҿы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Георги Гахариа. Иара иааԥхьароуп ҳәа ахиҳәааит Қырҭтәылеи иара амилаҭтә шәарҭадареи рзы «Урыстәылатәи аоккупациа». Игәаанагарала атәыла аҿиара алзмыршогьы ури ауп. Уи адагьы Г. Гахариа «аоккупациа зызуу аҵакырақәа» рҟны аҭагылазаашьазы ахара здиҵо Урыстәылоуп. Иара ишиҳәо ала Урыстәыла уа ахылаԥшра ахахьы иагеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: