Ажәабжь ҿыцқәа

Алиса Гыцԥҳа илаԥшьгамҭоу Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Афонд "Инканто" ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес лалахәхара инадҳәаланы имҩаԥысуаз апресс-конференциа Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа иҽалаирхәит Никарагуа Аоператә шәаҳәара афонд "Инканто" анапхгаҩцәа Лауреано Ортегеи Елис Пикадои рнаԥхьарала.
Жьҭаарамза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц анапынҵа ҷыдақәа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Аизек Кумессин диԥылеит. Аиԥылара далахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба.
Жьҭаара 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Аладатәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ЕС аҟынтәи ацхантәаҩ Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи ацхантәаҩ ахантәаҩы Кшиштоф Ернст Спети, аиҿцәажәарақәа рҿы ООН ахаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Хаилу Мамо. Аԥсуа ган аҟынтәи аиҿцәажәарақәа ирылахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа – Артур Гагәылиа, Лаша Аҩӡба.
16.10.2025 163 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аполитикатә партиа «Амцахара» аветеранцәеи алахәылацәеи ирыдиныҳәалеит апартиа 25 шықәса ахыҵра арыцхә.
09.10.2025 374
Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак арезолиуциа “Қырҭтәыла аус ацура” адкылареи, уи ашьҭахь Британиа Ду ахаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыхьӡ аицакра аполитикатә спектакль иахәҭакуп.
2025 шықәса жьҭаара 6 рзы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Гондурас аруаҩ Имши аинрал Франсиско Моразан имширеи разгәаҭара далахәын.
2025 шықәса жьҭаара 4 азы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистр-иабжьгаҩ Алиас Аибеи америкагәҭантәи ахьыԥшымра афырхаҵа, аинрал Франсиско Моразан иира 233 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатә иалахәын.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Москватәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Аҳәынҭқарратә Институт аҟны иҟоу жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа Ринститут иԥхьагылоу анаукатә усзуҩ, аполитолог, ажурнал «Международная аналитика» аредактор хада Сергеи Маркедонови реиԥылара мҩаԥысит 2025 шықәса жьҭаарамза 3 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Афедералтә ҵакыра «Сириус» Ахеилак ахантәаҩы, аҵарадырратә Фонд «Абаҩхатәреи аихьӡареи» анапхгаҩы Елена Шмелева лымшира лыдиныҳәалеит.
01.10.2025 217
Жьҭаара 1 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара 2026-2027 шықәсқәа рзтәи Аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит.
2025 шықәса цәыббрамза 29 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Аҳәынҭқарратә суверенитети аҭынчреи рзы амилаҭтә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Хорхе Родригес инапхгарала имҩаԥысуаз аиԥылара ихы алаирхәит.
Ареспублика Никарагуа Акультура аминистрреи Афонд «Инканто»-и рааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуатәи аоператә Фонд "Инканто" агала-концерт иаҭааит. Аконцерт мҩаԥысит Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра амш аҽны, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакраҿы азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани 1993 шықәса ааԥынразы Аԥсныҟа цхыраара иааз Сергеи Белинскии реиԥылара мҩаԥысит.
01.10.2025 253 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аиааира Амши Ахьыԥшымреи 32 шықәса рхыҵра идиныҳәалеит.
01.10.2025 106
Цәыббра 30 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 32 шықәса ахыҵра амш аҽны Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа иаҭааны, ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
01.10.2025 103
Цәыббра 30 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 32 шықәса ахыҵра амш аҽны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа иаҭааны, ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
01.10.2025 138
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа ахьгылоу Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
01.10.2025 168
2025 шықәса цәыббра 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазгәарҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993) Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра.
Цәыббра 25-26 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьагаҩ Алиас Аибеи, Амилаҭтә полициеи ашьаҭаркра 46 шықәса ахыҵраз аусмҩаԥгатәи аполициаа рпарад "Акзаара. Амчра. Аиааира." ирылахәын.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: