Ажәабжь ҿыцқәа

Ахвледиани зыӡбахә лымо ақырҭуа-аԥсуа бизнес-проектқәа хазы ирылацәажәатәуп. Урҭ Аԥсны атәылауаа рылахәӡам. Гал араион аҿы инхо Қырҭтәыла атәылауаа алахәызар, уи иаанагом агәреибагара иахәо бизнес-проектуп ҳәа.
04.08.2021 620 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Ӷәазаа Заур Константин-иԥа имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра «аоккупациа ахыхрази» аурыс-қырҭуа еимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларази арезолиуциа «аԥсҭазаара иаҟәыгоу, аԥсуа-қырҭуа еиҿагылара амзыз еиҭазкуа» акоуп ҳәа азгәанаҭеит.
Есышықәса НАТО имҩаԥнаго арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 Қырҭтәыла иалагеит сынтәа ԥхынгәы 26 азы. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 2,5 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа алианс атәылақәа 15 рҟынтәи– Азербаиџьан, Великобританиа, Германиа, Қырҭтәыла, Испаниа, Италиа, Канада, Латвиа, Литва, Польша, Румыниа, ЕАА, Ҭырқәтәыла, Украина, Естониа.
27.07.2021 420
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ХII Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит «Россия — Исламский мир: KazanSummit 2021» далахәхоит. Асаммит мҩаԥысуеит 2021 шықәса ԥхынгәы 28-30 рзы, Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казань аҿы.
20.07.2021 689
2021 шықәса ԥхынгәы 19 азы Украина ахада Владимир Зеленски усутә визитла Қырҭтәыла иҟазаараан ақырҭуа-аԥсуа ҳәаахь днеиит. АИХқәа рдыррала Зеленски «аоккупациа зызуу Аԥснытәи автономтә республика аҳәааҿы ашәарҭадаратә усхк аҭагылазаашьа гәеиҭеит», агәҭынчымра ааирԥшит «Аԥсны Урыстәыла ар рыҟазаареи ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи» рзы. Уи адагьы Зеленски иҳәеит Украинеи Қырҭтәылеи рхықәкқәа еиԥшуп аамҭала аоккупациа зызуу аҵакырақәа рырхынҳәразы ҳәа.
15.07.2021 514
Ԥхынгәы 15 2021 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә визитла Ареспублика Никарагуа днеиит.
05.07.2021 461 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит ахьыԥшымра Амш инадҳәаланы.
01.07.2021 556 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашьаҭаркра Амш идиныҳәалеит Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев.
Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр И. Гарибашвили иҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит.
25.06.2021 584
Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи амшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхареи ирзырхаз Аԥсныи Урыстәылеи ркомиссиа аԥшьбатәи аиԥылара хыркәшахеит.
24.06.2021 681 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Карабобо амҵан аибашьраан игаз аиааира 200 шықәса ахыҵра инамаданы.
24.06.2021 623 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура «Россия сегодня» ашьаҭаркра 80-шықәса ахыҵра аколлектив ирыдиныҳәалеит.
Аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларази акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла рашәара 21 азы. Уи хықәкыс иамоуп ари азҵаараҿы иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара. Апроцесс иалархәхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аграждантә уаажәларреи.
2021 шықәса рашәара 14 азы Бриуссель имҩаԥысыз НАТО асаммит аҟны икьыԥхьын Аҩадатлантикатә алианс азы иактуалу ашәарҭарақәа зныԥшуа аҳәамҭа.
12.06.2021 604 Анотақәа
Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит.
2021 шықәса рашәара 9 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Аахыҵ Кавказ иҟоу ОБСЕ ахантәаҩы ихаҭарнак ҷыда Анника Сиодери рԥылара.
06.06.2021 825 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит. 
04.06.2021 980 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили Ҭырқәтәыла иҟазаараан «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак ҭынчымҩала аҭыԥ иқәҵатәуп Қырҭтәыла акзаара аҳәаа иҭагӡаны» ҳәа ииҳәаз оумашәа ибаны иазхьаԥшит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: