Ажәабжь ҿыцқәа

24.11.2022 401
Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.
23.11.2022 407
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина аҭагылазаашьа амониторинг мҩаԥнагоит. Урыстәылатәи аруаа иреиуоу атҟәацәа кыдҵаны рышьра арегион аҿы аҭагылазаашьа аибарххара иазырхоуп.
Абҵара 23 азы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәыпалбеи реиԥылара.
Абҵара 18 азы Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аекономика аминистрра анаԥхьарала даҭааит ареспублика есышықәсатәи анаплакыҩцәа рфестиваль. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аекономика аминистр Хустои Перес дицны никарагуатәи анаплакыҩцәа раалыҵ гәеиҭеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба диԥылеит ҳтәылаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ахәаша, абҵара 18 рзы.
2022 шықәса абҵара 15 азы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭаалтәи агәрага, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Муҳаммед Алии Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр, абжьгаҩ Самир Башури аиԥылара мҩаԥыргеит.
09.11.2022 394
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла ҿыц змаҵура иахагылаз Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
08.11.2022 568
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аԥсылман республика Иран ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
08.11.2022 520
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.
07.11.2022 539
Абҵара 7, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Европа аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Иван Хили реиԥылара.
07.11.2022 584
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи РАНХиГС аҟны иҟоу аҳәынҭнапхгараҭараз Иреиҳаӡоу ашкол адиректор, "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Алексеи Комиссарови реиԥылара мҩаԥысит.
07.11.2022 551
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит абҵара 7 рзы.
04.11.2022 288 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба жьҭаара 14 рзы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Тедееви идикылеит.
Жьҭаара 11 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит.
Жьҭаара 11 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит.
10.10.2022 362 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит аштат Арагуа аҭыԥ змаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аԥсыҭбарақәа рыҟалара инадҳәаланы.
06.10.2022 295
Аԥсны ААР аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла аԥшааратә отриадқәа Рхеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара.
Жьҭаара 5, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: