Ажәабжь ҿыцқәа

05.02.2025 445
Игор Мураҭ-иԥа Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы адипломатиа аҿиараҿы иналукааша хаҿуп, азинмчы змоу Ахаҭарнакра, анаҩс Урыстәылатәи Афедерациаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьақәыргылара ахыҵхырҭаҿы игылаз уа ҩуп.
30.01.2025 663
Ҳара азхьаԥшра аҳҭеит Into the Open Music Festival «Rituals» (Берлин) асаит аҿы «ақ. Сохум аҳәынҭқарратә драматә театр» ҳәа изышьҭоу азы аинформациеи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны уи ақәгыларақәеи ирызкыз акьыԥхьымҭа.
Ажьырныҳәамза 24 рзы, Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Олег Барцыц агазеҭ "Чегемскаиа правда" аредактор Инал Ҳашыг аинтервиу анииҭоз иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба "... уажәы Ацҳаражәҳәарҭаҿы аус иуӡом..." ҳәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра уи иҟаиҵаз аҳәамҭа инамаданы иазгәанаҭоит Игор Мураҭ-иԥа Ахба ҳазҭоу аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ имаҵураҭыԥ ааникылоит ҳәа.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви, ПМР Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы наӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, ПМР Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит.
22.01.2025 517 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба Приднестровиатәи иколлега Витали Игнатиев Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 20 рзы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика актәи Ахада икабинет аҿы Игор Смирнови Приднестровиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Венесуела иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Аҳәынҭқарра Ахада Николас Мадуро Морос атәылахь есышықәса иҟаиҵо ааԥхьаратә уснагӡатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы Приднестровиа иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ПМА Иреиҳаӡоу Ахеилак ахада Александр Коршунови аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ажьырныҳәа 10, 2025 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Венесуела иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Аҳәынҭқарра ахадас иалырхыз Николас Мадуро Морос имаҵураҭыԥ аанкылара ацеремониа ихы алаирхәит.
10.01.2025 253
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҿы икьыԥхьуп ажәахә –“Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы Урыстәыла атәылауааи аџьынџьуааи рзинқәа реилагаразы” (Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ажәахә)
06.01.2025 287 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адашшыларатә шәҟәы аарышьҭит Гал араион Папанырхәа ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны ахәыҷқәа рҭахара инамаданы.
05.01.2025 247
Гал араион Папанырхәа ақыҭан амцакра иахҟьаны хәҩык ахәыҷқәа ахьҭахаз арыцҳара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иқәҵарала ажьырныҳәамза 6 Аԥсны лахьеиқәҵаратә мшны ишьоуп.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто иҟаиҵаз ааԥхьарала, ашықәс анҵәамҭеи иааиуа Қьырса ныҳәеи Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәеи ирызкны Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә хаҭарнакцәа ирзымҩаԥгаз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит. Аиԥылара мҩаԥысит Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 18 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 80- шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 17 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Симон Боливар иԥсҭазаара далҵижьҭеи 194 шықәса аҵра инамаданы имҩаԥгаз ацеремониа ихы алаирхәит.
15.12.2024 350
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа  рминистрра  адипломат, аԥсадгьыл атәылауаҩ, апатриот, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи  Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз Аҭрышба Кавказ Камиль иԥсҭазаара иалҵра инамаданы агәалсра ду аанарԥшуеит.
14.12.2024 374
32 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы иҟалеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан реиҳа ихлымӡааххаз арыцҳара.
13.12.2024 537 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла Аконституциа Амш азгәаҭара инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит.
2024 шықәса ԥхынҷкәын 11 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Аиакучо амҵан аибашьра 200 шықәса ахыҵра иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: